Ҟәыбина аковид-госпитальқәа рҟны аҭыԥқәа ԥхынгәымзазы 60% ирыцырҵеит

Иааидкыланы Краснодартәи атәылаҿацә аҿы акоронавирус змоу апациентцәа 26 госпиталь рҿы ирхәшәтәуеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Ҟәыбина аковид-госпитальқәа рҟны аҭыԥқәа ԥхынгәымзазы 60% ирыцырҵеит ҳәа аанацҳауеит аоперативтә штаб.
Иазгәаҭоуп ԥхынгәы 3 рзы амедусҳәарҭақәа хәба акоронавирустә инфекциа ахәшәтәра ишазыхынҳәыз.
Иааидкыланы Краснодартәи атәылаҿацә аҿы акоронавирус змоу апациентцәа 26 госпиталь рҿы ирхәышәтәуеит, иаартуп 7090 иара. Мызкы аԥхьа 21 госпиталь 4491 ҭыԥ рыманы аус руан.
Аҵыхәтәантәи ачымазара аҽшышьҭнахыз азгәаҭан 2021 шықәса ажьырныҳәа 18 азы. Усҟан уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 200-ҩык ирыдырбалон, иаартын 27 госпиталь 6631 иара рыманы.
Ҟәыбина коронавирус аҟынтәи алаҵа рзыҟаҵоуп 1,6 миллионҩык.