Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара аиҭалаҵаҟаҵара аанкылазарц ааԥхьара ҟанаҵеит

Аҟазауаа ргәаанагарала ари ахәҭаны иҟоуп ашықәс нҵәаанӡа адунеи зегьы аҿы ауаа иазхаша алаҵа рзыҟаҵаразы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара аҳәамҭа ҟанаҵеит цәыббрамза нҵәаанӡа аиҭалаҵаҟаҵара амаратори ақәҵазарц. Абри атәы аҩуеит РИА Новости ВОЗ адиректор хада Тедрос Адхан Гебреиесус иажәақәа шьаҭас иганы.
Ишәарҭоу COVID-19 аштамм цәырҵыр ҟалоит ҳәа агәҽанҵара ҟаиҵеит ВОЗ ахада
"Ааԥхьара раҳҭоит зажәа ԥхылнадо аолимпиатә атлетцәа, аинвесторцәа, абизнес-ԥхьагылацәа, адин-ԥхьагылацәа, иара ус ауаа ҳажәа адгылара арҭарц, цәыббрамза нҵәаанӡа аиҭалаҵаҟаҵара мап ацәкра иадгыларц", - иҳәеит иара.
Аиҿкаара ахәшьарақәа рыла COVID-19 аҟынтә алаҵа аиуразы адунеи аҿы аиҟарамра ыҟоуп. Еиҳа ишьҭахо атәылақәа рҿы алаҵа зауыз ауаа еиҳа имаҷуп ибеиоу атәылақәа рҿы аасҭа.
Иахьазы Урыстәыла ахархәара рымоуп алаҵақәа: "Спутник V", "ЭпиВакКорона", "КовиВак". Аиҭалаҵаҟаҵара мҩаԥыргоит "Спутник Лайт" ала.
Аҳәаанырцә рхы иадырхәоит: Pfizer, BioNTech (иаԥҵоуп Германиеи ЕААи), AstraZeneca (Британиа дуи Швециеи), Moderna (ЕАА), BBIBP-CorV, Sinopharm, CoronaVac (Китаи).