"Шерстистаиа белокрылка ҳәа изышьҭоу ԥшьышықәса раахыс иазгәаҭан иҳамоyп Аԥсны. Еиҳарак иахьаабо ацитрус аҟноуп, даара аҽамхакны иҟоуп. Ари хәаҷа ҿыцуп. Аҭагылазаашьа ас ианыҟала, ааигәа аинспекциаҿы иҟаз аиԥылараҟны иазыӡбан ахәаҷа зшьуа ахимметод ада, абиометод ахархәара. Абжы криптоламус, уи аԥырԥалыкь иаԥырхагоуп, ус азгәарҭеит аиԥылараҿы аекспертцәа. Макьана иҳазҳәом уи иахәоит ҳәа, аха иалагалазар, ахы шымҩаԥнаго аабарын. 500 цыра аԥсабарахь аушьҭра азгәаҭоуп. Ҳара урҭ аԥсабара ԥырхага анаҭом ҳәа азыҳаԥхьаӡоит", - еиҭалҳәеит Шьынқәырԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.