WhatsApp афункциа ҿыц аусура иалагоит

Аопциа ҿыц асмартфонқәа рҿы ахархәара алшо иҟалоит WhatsApp амессенџьер шааиҭарыцхалак.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. WhatsApp зҽызҵәахуа афотоқәеи авидеоқәеи рынашьҭра афункциа аартхоит ҳәа рҳәеит аилахәыра ахаҭарнакцәа.
Ахархәаҩцәа рфотосахьақәеи авидеоқәеи рышьҭлар алшоит аопциа "Знык ахәаԥшра" ацхыраарала. Афотосахьақәеи авидеоқәеи знык урыхәаԥшуеит нас ианыҵуеит.
Ари аҩыза афункциа аус ауеит Instagram аҿы: изауа акнопка дақәыӷәӷәоит, асахьа ма авидео ибоит, уи анаҩс урҭ ықәҵуеит.
WhatsApp аҿы ирҳәом ари ишаанамго изауыз скринрекордер ала аҭаҩра илшом ҳәа.