АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik. Мраҭашәаратәи атәылақәа, Урыстәыла иаднакылаз аӡбра мап ацәнакырц иҟарҵаз адҵа иара зну ақьаад аиҳа амчра рымам, Урыстәыла уи ахаангьы иақәшаҳаҭхом, абри атәы РИА Новости иазеиҭеиҳәеит ИАР атәылақәа русқәа рзи, евразиатәи аинтеграциеи аџьынџьуаа рымадареи рзы Аҳәынҭдума аилак ахантәаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин.
"Еилкаау акоуп – Урыстәыла уи ахаангьы иҟанаҵом. Аҳәамҭагьы иара зну ақьаад амчроуп иамоу", - иҳәеит Затулин.
ЕАА, Британиа ду, Франциа, Естониа, Ирландиа, Норвегиа, Албаниа аицҳәамҭа ҟарҵеит. Аҳәамҭаҿ Урыстәыла адҵа арҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара мап ацәнакырц, иара убасгьы арҭ аҵакырақәа рҟынтәи рыр ар алнагарц.
Аҳәамҭа рыларҵәан ООН Ашәарҭадаратә хеилак аҿы 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13-шықәса рхыҵра аламҭалаз.