"Аԥсны аҳәынҭқарра астатус ҳаналацәажәо, изакузаалакгьы зҵаарак цәырҵуазар, азхәыцра аҭахуп. Амала ари иаанагаӡом аҳәынҭқаррақәа иҟарҵаз аҳәамҭақәа, Урыстәыла азхаҵара иарҭаз Аԥсны мап ацәкны шьҭахьҟа идыргьежьуеит ҳәа, лҵшәак аиуеит ҳәа, аха ахцәажәара аҭахуп, Аԥснытәи аполитикцәа, адәныҟатәи аминистрра аҟынтә", - азгәеиҭеит аполитолог.
Аполитолог иҳәеит аибырххара, аибафара ҟазшьа шамоу иахьатәи аполитикатә еизыҟазаашьақәа, иаҳдырауазароуп, асанкциақәа ҳәа Урыстәыла аганахьала иҟоу ақәыӷәӷәарақәа Аԥсны ҳахәҭа шалоу.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: