Арадио

Кәарҷиа Аԥсны абылтәы ахә ацларазы: абылтәы рацәаны инаҳхуеит, иаҳнымԥшыр ауӡом

Ауаажәларратә палата алахәыла, анаплакҩы Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны абылтәы ахә ацлара ҳекономика ишаныԥшуа атәы.
Sputnik
Абензин АИ-92, адизель былтәы рыхәԥса еидкылан аахәараан литрак 51 мааҭ иаԥсоуп, литра-литрала аахәараан – 53 мааҭ. Абасеиԥш азыӡбоуп Аминистрцәа реилазаараҿы.
"Ақыҭауаа ԥыҭҩык амаругақәа рымоуп абылтәы ала аус зуа, атракторқәа рымоуп, аҳаскьынрхыгоума, арҭ зегьы рыхә иацлоит. Акарпыжә ирааӡаз анхацәа иныҟәыргароуп. Уигьы ианыԥшуеит. Уахыки ҽнаки рыҩнуҵҟа 25% иацлеит абылтәы ахә, арахь анефть ахә уи аҟара иҳаракымхеит. Изыхҟьаз ас еиԥш аҭагылазаашьа еилкаам, Урыстәыла аҩнуҵҟа ахә ус иацымлаӡеит. Ари аамҭалоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Аԥсны арҭ амшқәа рзы абылтәы аҭиира иаҟәыҵит, итәаны иԥшуп ахә анхало ҳәа, феида рцәымӡырцаз. Ҳара ҳазыҟаҵамызт ари. Уажәы ҭагалара ааит. Даара анхаҩы инымԥшыр ауӡом, аекономика ианымԥшыр ауӡом. Ҳара зегьы ақыҭа ҳадҳәалоуп, абылтәы рацәаны инаҳхуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.