Иџьашьахәу аԥсабара: Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аԥхынразы

Жьҭаара 17, 1996 шықәса рзы, 1930 шықәсазы иаԥырҵаз Риҵатәи аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны, иаԥҵан Амилаҭтә парк. Риҵатәи аҳәырԥсарра ахи-аҵыхәеи 36 гектар ыҟоуп.
Sputnik
Аӡиа Риҵа – Кавказ иҟоу аӡиа ԥшӡақәа ируакуп. Уи ақәыԥшылара 1.27 метр ԥшьыркца артәоит. Аура 2490 инаӡоит, аҭбаара 270 инаркны 870 метра рҟынӡа ыҟоуп. Уи 116 метра аҵаулара амоуп. Аӡиа иалалоит аӡиасқәа Лашԥси, иара убас аӡыхь дуқәа хԥа – Аҵатәыхәа, Ахрибаџара, Аӡхыҽҽатә. Иалҵны ицоит аӡиас Ҩыԥсара.
Риҵатәи амилаҭтә парк аԥшӡарақәа иреиуоуп Риҵа ду, Риҵа маҷ, аӡиа Мзы, Ауадҳара, Ҩыԥсара аиҩхаа, аӡиас Бзыԥ, аӡхыҽҽарақәа. Аҭыԥ ԥшӡарақәа рбаразы арахь иаауа атуристцәа рзы иазырхиоуп 15 маршрут.
Амилаҭтә парк иаҵанакуа адгьыл ҭыԥқәеи, уи адгьылҭыԥ иҵоу амали, аӡқәеи, аҵиаақәеи, аԥстәқәеи амилаҭтә парк ахархәаразы иаҭоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҟны иазгәаҭоу азинқәа рыла. Амилаҭтә парк еиднакылоит иҷыдоу аекологиатә, аҭоурыхтә, аестетикатә ҵакы змоу, иара убас аԥасабаратә, арккаратә, аҭҵаарадырратә, акультуратә хықәкқәа рзы хылаԥшра змоу, атуризм иазку аԥсабаратә комплексқәеи ахыбрақәеи.
Риҵатәи амилаҭтә парк 2021 шықәса актәи азбжазы 1996 шықәса абри аамҭа иаҿырԥшны арекорд шьақәнаргылеит. 2021 шықәса ажьырныҳәа-ԥхынгәы ирылагӡаны абилеҭқәа рыман апарк иҭалеит 328 000-ҩык адуцәеи 19 000-ҩык ахәыҷқәеи (116,9 миллион мааҭ).
1 / 13
Риҵа аушьҭырҭа-гәаҭаратә ҭыԥ. Аҳәырԥсарра аҭаларазы абилеҭқәа аахәатәуп: ахәыҷқәа рзы 100 мааҭк, адуцәа рзы 350 мааҭ иаԥсоуп.
2 / 13
530 метра аҳаракыраҟны иҟоу Иаӷьатәи аӡхыҽҽа. 70 метра аҳаракыраҟынтәи аиҩхаа иҭҟьаны иааиуа аӡхыҽҽа анаҩс иӡиасны илбаауеит.
3 / 13
Аԥсшьаҩцәа рыбжьара имаҷӡам ашәарҭара зцу аԥсшьара бзиа избо.
4 / 13
Агәгәаҳәа илеиуа Бзыԥи Иаӷьеи аӡиасқәа рҟны арафтинг абзиабаҩцәа ирылоу рымчқәа ԥыршәоит.
5 / 13
Риҵатәи амилаҭтә парк 2021 шықәса актәи азбжазы 1996 шықәса раахыс иахьа уажәраанӡа иаҿырԥшны арекорд шьақәнаргылеит. 2021 шықәса ажьырныҳәа-ԥхынгәы ирылагӡаны абилеҭқәа рыман апарк иҭалеит 328 000-ҩык адуцәеи 19 000-ҩык ахәыҷқәеи (116,9 миллион мааҭ).
6 / 13
Адгьылҳәазара иахҟьаны иҟьашьыз Риҵатәи аӡиас иахьазы еиҳа-еиҳа аҽарыцқьара иаҿуп.
7 / 13
Аӡиа Риҵа – Кавказ иҟоу реиҳа иԥшӡоу аӡиақәа ируакуп.
8 / 13
Риҵа ақәыԥшылара 1.27 метр ԥшьыркца артәоит. Аура 2490 инаӡоит, аҭбаара 270 инаркны 870 метра рҟынӡа ыҟоуп.
9 / 13
Аӡиа Риҵа 116 метра аҵаулара амоуп.
10 / 13
Аӡиа иалалоит аӡиасқәа Лашԥси, Аҵатәыхәи, Ахрибаџара, Аӡхыҽҽатә. Иалҵны ицоит аӡиас Ҩыԥсара.
11 / 13
Аҭыԥ ԥшӡарақәа рбаразы арахь иаауа атуристцәа рзы иазырхиоуп 15 маршрут.
12 / 13
Аԥсны ашьхарақәа рҿы Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк иахьаҵанакуа адгьылҳәазара ду ҟалеит Ауадҳаратәи абнара 56-тәи акилометр аҿы лаҵарамза аҽеиҩшамҭазы, ақәеи аси ӷәӷәаны иахьлеиз иахҟьаны. Ари аԥсабаратә цәырҵра ауаа рацәаҩны изҭаауаз атуристтә маршрутқәа - альпиатәи адәҳәыԥшқәеи аӡиа Мзы рахь амҩа акит.
13 / 13
Риҵатәи амилаҭтә парк аԥшӡарақәа иреиуоуп Риҵа ду, Риҵа маҷ, аӡиа Мзы, Ауадҳара, Ҩыԥшара аиҩхаа, аӡиас Бзыԥ, аӡхыҽҽарақәа.