Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Занҭариа Тамшь атуристцәа рҭаара ауааԥсыра ишырнырыз иазкны

Тамшь ақыҭа ахада Вадим Занҭариа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭаҿы аус зуа атуристтә комплекс аартра анхацәа ишырныԥшыз атәы.
Sputnik
"Акомплекс аартра ааигәа иҟоу ақыҭақәа зегьы ирныԥшит. Иаадрыхуа ашәыр, ауҭраҭых, ашә уҳәа, зегьы ааганы ара ирҭиуеит. Агәарбжьарақәа рҿы иаадыртит акаҳуажәырҭақәа. Уаҟа аԥсшьаҩцәа ирыдыргалоит аҭыԥантәи аалыҵ. Иара аԥсшьарҭатә комплекс ахьгьы инеиуеит аҭыԥантәи ауааԥсыра, рхымҩаԥгашьа угәаԥхартә иҟоуп. Иҳамоуп ахьчаҩцәагьы, урҭ ашәарҭадара рнапы иануп, дара рус рдыруеит, зхы ҽеимкәа имҩаԥызгаз дааныркылоит. Иахьазы аԥсшьарҭатә ҩнаҿы рыԥсы ршьоит 500-ҩык. Ԥхынҷкәынмзаҟынӡа ауаа ҳадаҳкылартә еиԥш аҭагылазаашьа ҟалоит. Ажьырныҳәамзазы аусуҩцәа зегьы аԥсрамшқәа рахь иаушьҭхоит, анаҩс жәабранмазазы ҩаԥхьа аусура хацыркхоит. Ашықәс зегьы аԥсшьаҩцәа ҳадаҳкылартә иҟоуп", - иҳәеит Занҭариа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Тамшьтәи аԥсшьарҭатә комплекс официалла иаадыртит