Ԥхынгәы 26-27 ауха Аԥсны ақәа ӷәӷәа леит, ашьхарахь аӡқәа хыҵит, аԥшацәгьа асуан. Амшцәгьа иахҟьаны анхацәа еиуеиԥшым Аԥсны араионқәа рҟны рынхарҭақәа, рырахә-рышәахә ааха роуит.
"Ақәоурақәа, аӡхыҵра аан аԥхасҭа зауз анхацәа ашәҟәқәа аларҵеит. Араион анапхгара акомиссиа рыцны иҟан, аҩнқәа ирыхәаԥшит. Ари ақыҭаҟны аҩнқәа аӡы рыҩнамлеит, еиҳарак ахыбқәа хнашәеит, уаантәи ауп ааха шроуз, аӡы шкылсыз. Аӡхыҵра аан амҩақәа аԥхасҭа роуит, игәаҳҭеит араин анапхгара ҳацны шаҟ ааго урҭ реиҭашьақәыргылара, иԥхьаӡаны иҟарҵарц ауп, аха арахь иаалырҟьаны абылтәы азы апроблемагьы ҟалеит. Сқыҭаҟны 14-15 ҩык рҟынӡа сыдҵаалеит рыҩнқәа рхыбқәа аԥхасҭа роуит ҳәа. Ақыҭа иахыкәшаны ицо амҩа 2 нызқь метра иҟоу зегьы ҟаҵатәуп, насгьы даҽа хәымҩак ыҟоуп. Амҩақәа ҩба рҟны абӷанҷ ықәырԥсеит", - иҳәеит Зеҭба.
Иара убасгьы иҳәеит ақыҭа фымцалашаралеи ӡылеи реиқәыршәара аус шыҟоу.
Шәазыӡырҩы аудио.