Шәача амш цәгьахоит ҳәа агәҽанызаара рылаҳәоуп нанҳәа 9 рҟынӡа

Шәача ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи амшцәгьақәа инарыдҳәаланы ргәы рҽанырҵоит, ирабжьыргоит хәы змоу рымаҭәеи рышәҟәқәеи аӡы злымсуа аилаҳәырақәа иҭарҵарц.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Шәача ақалақь аҿы ирылаҳәоуп нанҳәа 9 рҟынӡа амшцәгьа ҟалар ҟалоит ҳәа, аԥшацәгьа, ақәыршҩы, адыдмацәыс иазыԥшуп, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә иатәу АҶА аусбарҭа хада.
"Нанҳәа 7 инаркны 9 -нӡа Шәача ақалақь иахьаҵанакуа ҭыԥқәак рҟны аԥша ӷәӷәа, ақәыршҩы адыдмацәыс ацны, акырцх леир алшоит, аԥшаласра 20-24 секунд. Аӡқәа шьҭыҵыр алшоит", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Асабша ауха Шәача ахада Алексеи Копаигородски иҳәеит, ақалақь амаҵзурақәа зегьы амшцәгьа аамҭазы аусуратә аамҭа ҷыдахь ииагоуп аӡхыҵрақәа ҟалар ҟалоит, ашьхарахь аҳәынҵәеиларшьшь леир алшоит ҳәа.
Шәача ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи амшцәгьақәа инарыдҳәаланы ргәы рҽанырҵоит. Ирабжьыргоит ашьхаҟа ныҟәара имцарц, аӡиасқәа рааигәара аԥсшьарҭаҭыԥ алрымхырц, амашьынақәа аҵлақәеи аихатә ргыларақәа ирыҵадмыргылаларц.