Адгьылаҵаҿтәи амал: Маркәылатәи ажәытә нхарҭақәа рышьҭамҭа

Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Археологиа аинститути Аԥсуаҭҵааратә институти рархеологцәа Маркәылатәи ажәытә нхарҭа ҭыԥқәа рышьҭамҭақәа еицҭырҵаауеит 2013 шықәса раахыс.
Sputnik
Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан 2013 шықәсазы иԥшаан антикатә аамҭа иаҵанакуа, абжьарашәышықәсагьы здызкыло ижәытәӡатәиу анхарҭа. Урыстәылеи Аԥсни рархеологцәа ари аҭыԥ аҭҵаара рнапы алакуп. Аҭҵаарақәа аурыс ган напхгара алҭоит Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Археологиа аинститут аклассикатә археологиа аҟәша аиҳабы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Галина Требелева, аԥсуа ган - Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Сурам Сақаниа.
Маркәылатәи аиланхарҭа жәытә – Аԥсуа ҭӡеибаркыра ду аҩнуҵҟа иҟоу, ажәытәтәи ауааԥсыра рыбзазареи рҭоурыхи зныԥшуа ҭыԥуп.
 
     
1 / 12
"Маркәылатәи ажәытәра ашьҭамҭақәа" рыҟны Аԥснытәи Урыстәылатәи археологцәа еицымҩаԥыргоит аекспедициақәа
2 / 12
Маркәылатәи анхарҭа ажрақәа раан аҵарауаа ажәытә ҳаԥшьақәа рыԥшааит
3 / 12
Аҵарауаа урҭ анҭырҵаалак ашьҭахь ишьақәдыргылоит аҳаԥшьақәа иарбан шәышықәсоу изҵазкуа
4 / 12
Уажәы археологцәа аҳаԥшьақәа адгьыл рыҵхразы аусурақәа мҩаԥыргоит.
5 / 12
"Маркәылатәи ажәытәра ашьҭамҭақәа" археологцәа азҿлымҳара зырҭо аҭыԥқәа ируакхеит.
6 / 12
2013 шықәсазы Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан иԥшаан уаанӡа ирзымдыруаз архитектуратә ԥҽыхақәа реизак.
7 / 12
Ара ирԥшааз аныхабааи ахыхьчаратә ргылареи "Маркәылатәи ажәытәӡатәи ахырӷәӷәарҭақәа" ҳәа иахьӡырҵеит.
8 / 12
Археологиатә ргылара ыҟоуп ашьхеибаркыра алада-мраҭашәареи - аҩада-мрагылареи зҽеиҵызхыз 450 метра иҟоу аҭшәараҿы.
9 / 12
Аҭҵаарақәа аԥсуа ган напхгара риҭоит Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Сурам Сақаниа.
10 / 12
Абаҟа агәҭаны аныхабаа ахыжәжәара ыҟоуп.
11 / 12
Маркәылатәи аиланхарҭа жәытә – Аԥсуа ҭӡеибаркыра ду аҩнуҵҟа иҟоу, ажәытәтәи ауааԥсыра рыбзазареи рҭоурыхи зныԥшуа ҭыԥуп.
12 / 12
Ладеи ҩадеи ашьхеибаркыра инаваргшәны акомплекс аҳәаа аҩнуҵҟа ахьчаратә баашқәа гылан: аҩадатәи иахьатәи аамҭаз еилаҳахьеит, аладатәи еиқәханы иҟоуп.