"Аковидшьҭахьтә синдром" аазырԥшуа арбагақәа рыӡбахә ҳәоуп

Акоронавирустә инфекциа аҟазшьақәеи иацу ауадаҩрақәеи хымз рыҩнуҵҟа ачымазара змаз идубалалар алшоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 9- Sputnik. "Аковидшьҭахьтә синдром" аҟазшьақәа аҳақьымцәа иддырбоит ашьеи адәынцареи ранализқәа ҳәа арадиостанциа "Говорит Москва" аефир аҿы еиҭалҳәеит аҳақьым-акардиолог Иулиа Лоцманова.
"Ашьа аԥсахрақәа анаабаауеит — СОЕ (аеритроцитқәа ртәара аццакра) шьҭыҵуеит, алимфоцитқәа лаҟәуеит. Ашьа абиохимиатә анализ ганы ашьақар заҟа ыҟоу гәарҭоит. Игәарҭоит агәаҵәа аферментқәа, аҷаҷақәа зеиԥшроу аадырԥшуеит", - лҳәоит лара.
Агәаҭараан еиҳа аҵакы змоу рбагақәаны Лоцманова иазгәалҭеит:
Аҳақьым илҳәеит хаԥышәала анализҟаҵара агәабзиара иазеицәахар шалшо.
Убри аан иҟалоит аҩны ухала ашьа аҵәыҵәри апульсоксиметр ала ашәара.
Арыԥҳақәа ртопографиа хымз ирхымгакәа иҟаҵазар ауп.