Арадио

Багаҭелиа Ауадҳара аԥсшьараамҭазы: изҭаху зегьы ҳазҳадкылом, аҭыԥқәа ирыцҵатәуп

Сынтәа иазгәаҭоу аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара аизҳара аԥсшьарҭа ҭыԥ "Ауадҳара" атуристцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи аҭаауама, иарбан лшарақәоу иаԥнаҵаз, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә парк аекскурсиақәеи атуризми рыҟәша аиҳабы Едлан Багаҭелиа.
Sputnik
"Есышықәсеиԥш сынтәагьы 80-ҩык рыдкыларазы лшарас иҳамоу. Аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара рацәазаргьы, апансионат аҿы еиҳарак зыԥсы зшьо ҳаԥсуа жәлар роуп. Аԥсшьаҩцәа рахьынтә арахь иааиуа аӡәык-ҩыџьак, урҭ аныҟәарақәа бзиа избоу роуп. Аҭыԥқәа иҳамоу маҷуп, Аԥсны ахи-аҵыхәеи аҟынтә арахь иаауеит. Нанҳәамзазы ирацәаны азыҳәақәа ҳаман, аха зегьы ҳадаҳкылартә еиԥш алшара ыҟам. Апарк аиҳабыра ргәы иҭоуп аҭыԥқәа рацҵара азҵаара аҳәынҭқарра аиҳабыра рҟынӡа анагара. Сынтәа апансионат аҩнуҵҟа иҳарҿыцыз рацәоуп, аха зегьы ҳахьӡаӡом. Араҟа аԥсабаратә ҭагылазаашьа убас иҟоуп, заа аҽазыҟаҵаратә усурақәа узымҩаԥгаӡом, асы анышьҭыҵуа аамҭазы ҳаргьы ҳусқәа ҳрылагоит. Апансионат аҿы аҭагылазаашьа убас иҟоуп, акрыфаразы, ахәыҟаҵара, иаарҭаху амаҭәарқәа рыла зегьы еиқәшәоуп. Иахьа ԥсшьара ҳәа иааиуа рзы рыфатә ада уаҳа акгьы аагара рҭахым", - еиҭеиҳәеит Багаҭелиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.