Арадио

Чачхалиа аԥсшьара аамҭа арҭбааразы: аҿкы ашьҭахьтәи аиҭашьақәыргылара иазхәыцтәуп

Аҭоурыхҭҵааҩ, ашәҟәыҩҩы, атуристә еилахәыра "Аква-Абаза" аиҿкааҩ Денис Чачхалиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ҭагаланшьҭахьгьы Аԥсныҟа аԥсшьаҩцәа радԥхьаларазы иҟаҵатәу ҳәа иибо ашьаҿақәа ртәы.
Sputnik
"Егьырҭ аамҭақәа иреиԥшымкәа сынтәа даара ирацәаҩны инанагеит Аԥсныҟа аԥсшьаҩцәа. Акадифаамҭагьы ауаа рацәаны иаднаԥхьалахьеит, апутиовкақәа зегьы аархәахьеит, иргахьеит. Ҭагаланшьҭахьтәи иҟоу аамҭа азыҳәангьы ауааԥсыра радԥхьаларазы ак ӡбатәуп, ауаа азхьарԥштәуп. Ишԥалыршахо уи? Уажәы актуалра зцу усуп аҿкы зхызгахьоу ауаа ргәабзиара аиҭашьақәыргылара, уи азы Аԥсны иҳамоу алшарақәа еилкаатәуп. Атуризм иадҳәалоу ауаа зегьы ҳааидтәалан уи аганахьала акахьы ҳкылсыр цәгьамызт ҳәа сгәы иаанагоит. Асанаториақәеи аԥсшьарҭатә ҩнқәеи рҿы иҟоу иаҳа ирдыруеит, ҳаибабараангьы рылшарақәа ртәы ҳара иҳарҳәар ауп", - еиҭеиҳәеит Чачхалиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: