Аҵыхәтәантәи аамҭазы аекономика аминистрраҟны азҿлымҳара аиуит абнатә нхамҩа. Уи аганахь аҳәынҭқарра ахашәала аиуӡом иахьазы. Аилацәажәараҿы иҳәан абнатә нхамҩақәа есышықәсатәи аплан шынармыгӡо. Уи шеилкаатәу? Иарбан ҵла хкқәоу иҭырго Гәылрыԥшь араион аҿы, уи аус ахьадыруло, аԥҟарақәа инарықәыршәаны шаҟа ҵла ԥырҟо, абнақәа реиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа, аҵла ҭызго иарбан хылаԥшроу ирымоу уҳәа азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит арадио Sputnik аефир аҟны Гәылрыԥшь араион абнахылаԥшҩы хада Алхас Кациа.
Шәазыӡырҩы аудио.