Нанҳәа 12 рҟынӡа Шәача амшцәгьа ҟалоит ҳәа рыларҳәеит

Нанҳәа 10, 11, 12 рзы Магри – Весиолое иахьаҵанакуа амшын аҟны аурҭ шьҭыҵыр алшоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Нанҳәа 12 рҟынӡа Шәача амшцәгьа ҵысуеит, ақәаршҩы, аурҭ, адыд-мацәыс ҟалоит ҳәа рыларҳәоит ақалақь ахадара асаит аҿы.
Аӡиасқәа шьҭыҵыр ҟалоит ишәарҭоу аҩаӡараҟынӡа, ашьхарантә аӡымтҟьар леир ауеит.
"Нанҳәа 10, 11, 12 рзы иҟоу азԥхьагәаҭарала Шәача ақалақь иахьаҵанакуа ҭыԥқәак рҟны аԥша ӷәӷәа, ақәаршҩы адыд-мацәыс ацны илеир алшоит, аԥшаласра 20-24 метра секундк ала. Аӡқәа шьҭыҵыр рылшоит", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Шәача ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи амшцәгьақәа инарыдҳәаланы ргәырҽанырҵоит. Ирабжьыргоит ашьхаҟа ныҟәара имцарц, аӡиасқәа рааигәара аԥсшьарҭаҭыԥ алрымхырц, амашьынақәа аҵлақәеи аихатә ргыларақәеи ирыҵадмыргылаларц.
Нанҳәа 9 ауха ақәаршҩы иахҟьаны амҩақәа ӡыла иҭәит.
Уаанӡа асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырган авидео аӡы зну амҩақәеи амашьынақәа ирықәҳаз аҵлақәеи ахьубарҭаз.