"Ашколқәа зегьы аҵарашықәс ҿыц аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп. Арҵаҩцәа уажәнатә еиԥылоит, аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит. Изхьымӡаз ыҟоуп, изыхьӡазгьы ыҟоуп. Аҵара процесс шымҩаԥысра ҳәа еиуеиԥшым авариантқәа ҳрызхәыцуеит, аха иҳаздырӡом аус шцало, убри аан ҳгәыӷуеит ашколқәа рышәқәа аатып ҳәа", - еиҭеиҳәеит Габлиа.
Иара иазгәеиҭеит, онлаин аҵара араион аҿы усҟак алҵшәа шамаиузгьы, иарада ԥсыхәа ҟамлар, уи авариантгьы излауала рхы ишадырхәо.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.