Апроект аҳәаақәа ирҭыгӡаны 23 ҭаацәара ирыҭан ацхыраара.
"Зегьы бзиахеит ҳазҳәом, ҳәарада, ҳара ҳагхақәа ҳбеит, дара аҭаацәарақәагьы рыгхақәа ҳбеит. Урҭ ҳаԥхьаҟа анализ рызухоит. Иҟоуп аҭаацәарақәа аӡы змаз, аха аарҩара иақәшәаз. Иҟоуп раԥхьа алҵшәа бзианы иаазырԥшуаз. Иаҳҳәап, ҭаацәарак анаша ҟазҵаз азнаказы аашәкьыла иҭиит, анаҩс амшқәа аныцәгьаха, иуҭраҭых зегьы ԥхасҭахеит, 4-5 тонна дақәгәыӷуан", - иҳәеит Аргәын.
Кьараз анагӡаратә директор аиҿцәажәараҿы дазааҭгылеит, ирааӡаз ауҭраҭых еиуеиԥшым ахкқәа рахьынтә зегьы шманшәалахаз апомидор ада. Ицәырҵит ари аԥырхага азҭо ахәаҷа. "Кьараз" аспециалист ицхыраарала аҭаацәарақәа ирызшан иаҭахыз ахәшә, иҟоуп зҽаҩра еиқәзырхаз, ҳәа азгәеиҭеит Аргәын.
Кадыр Аргәын иҳәеит, аҭаацәарақәа раалыҵ аҭиираҿы уадаҩра шыҟам.
"Ауҭраҭых аџьармыкьахь ашьыжь инаргоит, уи адагьы амҩа аҿықәқәа рҿы ицәырган ирҭиуеит. Иара убас асоциалтә даҟьакәа рҿы икнаҳҳауеит адырра, анаҩс ауааԥсыра иақәҿырҭуеит", - еиҭеиҳәеит иара.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.