Арадио

Аџьба еиҭеиҳәеит аковид-хәшәтәырҭақәа хәшәла реиқәыршәара аус шеиҿкаау атәы

Иабанӡеиқәыршәоу иахьа аковид-хәшәтәырҭақәа амедицинатә маругалеи хәшәлеи, иҟоума азымхара, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи рыҟәша аиҳабы Ахра Аџьба.
Sputnik
Аԥсны аҩнуҵҟа иахьазы еиҿкааны иҟоуп 376 ҭыԥ COVID чымазара змоу рзы. Дара зегьы еиқәыршәатәхеит хәшәы мацарала акәым, алабораториатә дигностикеи, иахәҭоу ахыхьчагатә маругақәа рылеи ҳәа иҳәеит Ахра Аџьба арадио Sputnik аҿы.
"Аҿкы ахәшәтәразы 100 инреиҳаны хкы-хкыла ахәшәқәа аҭахуп. Акоронавирус зыхьуа аҳақьым дынгәаиҭо ашьҭахь ицәырҵуеит уаанӡа имаз ачымазарақәагьы, урҭ рыхәшәтәра аҭахуп. Асиа ҳамоуп еиқәыршәаны ачымазара аганахьала иарбан хәшәқәоу иаҳҭаху азы. Есымчыбжьа, Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа аҟынтә мчыбжьык ахь ҩынтә, азыҳәақәа ҟарҵоит ирҭаху ахәшәқәа рзы. Уи инақәыршәаны аминистрра хәшәла еиқәнаршәоит. Ҳәарада, иҟоуп ахәшәқәа анҳамам, аха ҳаргьы уи азымхара ахарҭәаара ҳаҿуп. Зыхә цәгьоу ахәшәқәа ракәзар, дара иахьынтәиҳауагьы азымхара ыҟоуп. Урҭ рыхә адагьы, рыԥшаара цәгьоуп. Ачымазара алагеижьҭеи "Актемра" аганахьала 7 миллионки 800 нызықь мааҭ рыхә аахәаны ауаа ироуртә иҟаҳҵеит, хыԥхьаӡарала - 117 цыра. "Артлегиа" акәзар, уи ҩынтә, хынтә еиҳаны ацхыраара ҟаҳҵахьеит. Зны-зынла ҳанеихьымӡо ыҟоуп, аха убригьы ҳамч еидкыланы, еизганы ахәшәтәырҭахь иҳашьҭыртә иҟаҳҵоит", - еиҭеиҳәеит Аџьба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.