Краснодартәи атәылаҿацә ауааԥсыра ргәы рҽанырҵоит аӡхыҵрақәеи аԥшатлакәи ҟалар алшоит ҳәа

Урыстәыла Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа ишәарҭоу аԥсабаратә ҭагылазаашьа ҟалар алшоит, аиҳаракгьы Ҟрым.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Аԥшьашеи ахәашеи рзы Краснодартәи атәылаҿацә ауааԥсыра ргәы рҽанырҵоит ақәаршҩы, аӡхыҵрақәа, аԥшатлакә ҟалар алшоит ҳәа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла аҳауагәаҭыратә центр адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Нанҳәа 12 рҟынӡа Шәача амшцәгьа ҟалоит ҳәа рыларҳәеит
"Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аҳауатә цәырҵрақәа азгәаҭоуп: ақәаршҩы, адыд-амацәыс, 20-23 метра иҟоу аԥшаӷьы, аӡиасқәа рҿы аӡышьҭыҵра, Амшын еиқәа агәахьы, Анапа – Магри иахьаҵанакуа аԥшатлакә", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Урыстәыла аҳауагәаҭыратә центр аҭҵаарадырратә напхгаҩы Роман Вильфанд иҳәеит Амшын еиқәа агәаҿы аҽшеиҿнакааз мезоциклон. Ари атермин иаҵанакуеит еиҳа иаӷьу ациклон.