Роспотребнадзор аҿы аштамм "дельта" азы азҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵеит

Акоронавирус индиатәи аштамм 2020 шықәса жьҭаарамзазы иаарԥшын. Анаҩс иара х-хкыкны еихшан. Ахкқәа руак "дельта" ҳәа ахьыӡҵан. Уижьҭеи иара шәкыла атәылақәа ирылаҵәахьеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Роспотребнадзор аҿы дельта штамм азы еиҳа иқәдыргыло азҵаарақәа жәаҩа рҭак ҟарҵеит.
COVID дельта-штамм аан аҷыдарақәа амоуп
Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит аштамм "дельта" COVID-19 аԥхьанатә ишшәарҭоу, аген аҿы S-хӡы аҽеиҭакрала.
Урҭ аҽеиҭакрақәа роуп иара уаанӡа авирус зоухьаз рцәеижьҿагылақәа изларыцәцо.
Ԥхынгәымзазы аштамм "дельта" еиҳа алаҵәара аиуит, иахьазы 70% рҟынӡа аҿкрақәа иароуп издырҳәало.
Роспотребнадзор адыррала иахьазы Урыстәыла 68% акоронавирустә хҭысқәа абри агенетикатә вариант иатәны ирбоит.
Убри аан COVID-19 абри авариант аҿкыра 2-2,5 еиҳаны иаланарҵәоит.
Уаанӡа аҿкчымазара змоу 1-2 дырчмазҩуазҭгьы уажәы 5-6-ҩык дырчмазҩуеит.
COVID-19 аштаммқәа иреиуоу дельта ачымазара зауа еиҳа-еиҳа ирацәаҩхоит, убри аан аинкубациатә аамҭа ишыҟац аиԥш 14 мшы иҟазар, аҟазшьақәа рааԥшра аамҭа кьаҿхоит.
Ачымазара аҿиашьа дельта-вариант аан еиҳа иласуп иагьыхьанҭоуп.
Ишәарҭоу COVID-19 аштамм цәырҵыр ҟалоит ҳәа агәҽанҵара ҟаиҵеит ВОЗ ахада
Аҟазшьақәа шыҟоу иаанханы иҟоуп: ашыӡкра, аимҳәа, агьама ацәыӡра. Аха урҭ ирыцлар ауеит ОРВИ-и акьатеиҿкреи ачымазарақәа рҟазшьақәа: ахыхь, ахәдахь, амгәахь, агәыхынҳәра, аҿыхра.
Ачымазара ахәшәтәразы аклиникатә бжьагарақәа шыҟац иааныжьуп.
Ауаҩы ачымазара имоу имаму аилкаара ауеит алабораториатә ҭагылазаашьала заҵәык: иаабац ПЦР-тест ауаҩы акоронавирус имоу имаму аанарԥшуеит аха иарбан штамму азгәанаҭаӡом.
Аштамм аанарԥшыр ҟалоит S-ген ма авирус агеном агәаҭара.
Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара иахықәкы хадоуп COVID-19 аԥырҟәҟәаразы тәылацыԥхьаӡа руааԥсыра 60% иадамхаргьы алаҵа рзыҟаҵара.
Иҟоу адыррақәа рыла акоронавирус заҟа аҽарҭбаауа аҟара авариантқәагьы ҟалар алшоит, дельта-вариант аасҭагьы ишәарҭаны. Иара убас, авариантқәа рацәахар иҟоуп ашәарҭара алаҵагьы хәарҭара аламкәа иҟалар ҳәа. Убри азы алаҵа аиҭаҟаҵара ахәҭахоит ҳәа иршьоит аҵарауаа.