"Ҩада-мраҭашәаратәи Кавкази Амшын еиқәа аҿықәи ажәытәани абжьарашәышықәсақәеи рзы" атемала Аҟәа, Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа мҩаԥысуеит. Уи аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, археолог, аҭоурыхҭҵааҩ, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, апрофессор Олег Бӷажәба 80 шықәса ихыҵра иазкуп. Аконференциа иалахәуп аԥснытәии урыстәылатәии аҵарауаа.
"Археологиатә баҟақәа реиқәырхаразы иҟоуп ҩба-хԥа ахьчаратә ҭыԥқәа, урҭ рҳәаақәа аҷыдарақәа рымоуп. Иаагозар, Урыстәыла абаҟа 300 метра иакәыршаны ахьчаратә ҳәаа ҟарҵоит, ауаҩы ааигәа анеира азин имаӡам, адгьыл агара, аҩны аргылара… Аилагарақәа раан хьырхәрас иҟоу, уи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчара аусбарҭа азҵаарақәа зегьы рыӡбара анзалымшогьы ыҟоуп. Аҭыԥантәи аусбарҭақәа рыдгьылҵакыраҟны иҟоу аргыларақәа рнапы иануп, урҭ хылаԥшра рзыруазароуп. Ҳара аҳәаа алганы ишьақәырӷәӷәаны аҭыԥантәи аусбарҭақәа рахь инаҳашьҭзар, иахылаԥшроуп аҭыԥантәи азинхьчаратә усбарҭақәа. Уи аганхьала адгылара ҳҭахуп, иҳадгылоит, аха ари аус иҵегьы иахьеиӷьтәхаша ыҟоуп", - иҳәеит Џьапуа.
Шәазыӡырҩы аудио.