Арадио

Анқәаб еиҭеиҳәеит Аҟәа аӡыршьҭрақәа рымҩангара аус ахьынӡанагоу атәы

Аусурақәа ахьынӡанагоуи, аӡымҩангагақәа рыԥсахраҟны ицәырҵыз ауадаҩрақәеи, аспециалистцәа рызнеишьақәеи арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит Аҟәатәи Аӡыканал анџьныр хада Мераб Анқәаб.
Sputnik
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи уи ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡеи аӡымҩангагақәа ахьыҵарҵо амҩадуқәа Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа рымҩаду аҿы аусурақәа шцо гәарҭеит.  Ара акоммуникациақәа еиҭашьақәдыргылеит Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
"Аӡымҩангагақәа ҿыц ишьҭарҵеит, шықәсыбжак ауп иҵхьоу. Аӡымҩангагеи аӡрыҵқәа рцәаҳәеи шьҭаҵоуп…Аибашьра ашьҭахь аколлекторқәа ррыцқьара цәгьан, излаҳрыцқьозгьы ҳамамызт. Усҟан анхацәа рхала инеины аӡы ацарҭа ахьырбоз еиԥшьны иҟарҵон, аха уажәы аҿыцқәа иахьабалак ишахәҭоу ишьҭаҳҵеит", - иҳәеит Анқәаб.
Иара иазгәеиҭеит аусурақәа рхыркәшара даҽа хымзи бжаки шаҭаххо.
Шәазыӡырҩы аудио.