Аибашьра афотоқәа рҿы: 413 мши ҵхи Аԥсны ахақәиҭразы

Нанҳәа 14 1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит. Ари амш аҽны Қырҭтәылатәи Аҳәынҭсовет арбџьармчқәа аибашьра ҟалоит ҳәа аҳәамҭа ҟамҵакәа Аԥсны Аҳәынҭқарра бџьаршьҭыхла иақәлеит.
Sputnik
Аибашьра раԥхьатәи амш аҽныҵәҟьа Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Владислав Арӡынба ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аӡәк иеиԥш еидгыланы аӷа иҿагыларц. Иалагеит афронтқәа хԥа реиҿкаара: Гагратәи, Гәымсҭатәи, Мрагыларатәи ахырхарҭақәа рҟны.
Жьҭаара 6 рзы ахы иақәиҭтәын Гагра. Анаҩс иҟан Аԥсуа ар рзы иманшәаламхаз ажәыларақәа. Ааха ӷәӷәақәа шамазгьы, Аԥсны аиқәырхаҩцәа ԥхьаҟа ицон, аиааира амш дырааигәон. 
Ԥхынгәы 2 рзы иалагеит Аԥсуа ар Мрагыларатәии Гәымсҭатәии афронтқәа рҟны ажәыларақәа.
Цәыббра 16 рзы - Аԥсны арбџьармчқәа аҵыхәтәантәи рхақәиҭратә жәылара иалагеит.
Цәыббра 27 1993 шықәса рзы Аҟәа ахы иақәиҭтәын. Цәыббра 30 рзы - Аԥсны Аиааиреи Ахақәиҭреи азааргеит. 
1 / 25
Нанҳәа 14 рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа аихамҩа ахьчара ҿарԥас иҟаҵаны Аԥсны иақәлеит. Иалагеит 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра.
2 / 25
Аибашьра раԥхьатәи амш азы аԥсуа еибашьцәа ирылшеит ақырҭуа ар Аҟәа Ацҳа ҟаԥшь аҿы раанкылара.
3 / 25
Аха нанҳәа 18 рзы ақырҭцәа ирылшеит Аҟәа ампыҵахалара, нанҳәа 19 рзы - Гагра.
4 / 25
Жьҭаара 6 рзы ахы иақәиҭтәын Гагра. Анаҩс иҟан Аԥсуа ар рзы иманшәаламхаз ажәыларақәа.
5 / 25
Жьҭаара 26 рзы иазԥхьагәаҭан иҟан Очамчыра ахақәиҭтәразы ажәылара, аха амшын аҟынтә адесант аӡхыҵра ахьхыбгалаз иахҟьаны ари аоперациа маншәаламхеит, аԥсуа еибашьцәа аӡәырҩы ҭахеит, иаанхаз хьаҵыр акәхеит.
6 / 25
Абҵара 3 рзы Аԥсуа ар имҩаԥыргеит Актәи Шроматәи ажәылара Гәымсҭа армарахьтәи аԥшаҳәала. Ари ажәыларагьы лҵшәадахеит.
7 / 25
Абҵара 30 рзы Очамчыра араион Кәачара ақыҭа ахы иақәиҭтәын.
8 / 25
Ԥхынҷкәын 14 рзы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа еихсны иҭадырхеит амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи аҭынч уааԥсыра зҭатәаз урыстәылатәи авертолиот Ми-8. Уи аекипажи 84-ҩык апассаџьырцәеи, зхыԥхьаӡараҿы ааҩык зцәа зтәымыз аҳәсеи 35-ҩык ахәыҷқәеи ыҟаз, амца иалаблит.
9 / 25
Ажьырныҳәа 5 - Аҟәа агаразы Аԥсуа ар ажәылара мҩаԥыргеит, усҟангьы рхықәкы аҵыхәтәанынӡа анагӡара рылымшеит.
10 / 25
Хәажәкыра 15 - 16 - Аҟәа агаразы Аԥсуа ар имҩаԥнагеит ажәылара. Еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны ари ажәылара ахықәкы азынамыгӡеит, еиуеиԥшым адыррақәа рыла, иҭахеит 222-а аԥсуа еибашьцәа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.
11 / 25
Мшаԥы 26 рзы Ақырҭуа арбџьармчқәа иртәыз аҳаирплан-жәылаҩ Су-25 Гәдоуҭа абомбақәа аланажьит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак ари акциа ахәшьара аҭо, аҳәамҭа ҟанаҵеит Қырҭтәыла аиҳабыра "ақырҭуа-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рыпроблемақәа амч ахархәарала рыӡбара агәы ишҭац ишҭоу".
12 / 25
Лаҵара 22-23 рзы ақырҭуа ган Гәымсҭатәи афронт ахь инанашьҭит 500-ҩык инарзынаԥшуа қьырала еибашьуаз Украина аруаа.
13 / 25
Лаҵара 24 рзы ақырҭуа архәҭақәа агуманитартә цхыраара мҩаԥызгоз урыстәылатәи авертолиот Ми-8 еихсит, аекипаж иалаз хәҩык ауааԥсыра ҭахеит.
14 / 25
Рашәара 15-18 рзы Москва имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа бжьаҟазара ахьауаз аԥсуа-ақырҭуа еиҿцәажәарақәа актәи рраунд. Уи аан иазааир акәын амца аанкыларазы аиқәшаҳаҭра.
15 / 25
Ԥхынгәы 2 рзы иалагеит аԥсуа ар ажәыларатә операциа Гәымсҭа армарахьтәи аԥшаҳәала. Тамшь иӡхыҵит 300-ҩык злаз амшынтә десант.
16 / 25
Адесантуааи Мрагыларатәи афронт архәҭақәеи еицхырааны астратегиатә ҵакы змаз амҩаду Очамчыра - Аҟәа рнапахьы иааргеит, уи алагьы аӷа ирхәҭақәа аиҿагыларақәа рахь раашьҭра илымшартә иҟарҵеит.
17 / 25
Ԥхынгәы 27 рзы Шәача нап аҵаҩын амца аанкыларази уи ишақәныҟәо ахылаԥшра амеханизми рзы аиқәшаҳаҭра.
18 / 25
Аԥсны аҳҭнықалақь зегь реиҳа аибашьра ааха анаҭеит. Ахыбрақәа акыр иахьа уажәраанӡагьы аибашьра ашәахсҭақәа рнуп.
19 / 25
Цәыббра 16 рзы - Аԥсны арбџьармчқәа аҵыхәтәантәи рхақәиҭратә жәылара иалагеит.

20 / 25
Цәыббра 16 рзы Мрагыларатәи афронт аҿгьы ажәыларақәа ирылагеит.
21 / 25
Цәыббра 17 рзы Гәымсҭа аӡиас ирит аԥсуа ар.
22 / 25
Цәыббра 21-26 рзы Аҟәа амҩақәа рҿы аиҿахысрақәа цон, Мрагыларатәи афронт аҿы лҵшәа бзиала аоперациақәа мҩаԥысуан.
23 / 25
Цәыббра 27 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахы иақәиҭтәын.
24 / 25
Цәыббра 30 рзы Аԥсны зегьы Ахақәиҭра азааган. Аԥсуа бираҟ Егры аҳәааҿы ишьҭыхын.
25 / 25
Цәыббра 30 - Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи ирымшуп.