Арадио

Афырхацәа рымҩала: Гогәуа аибашьра раԥхьатәи амш азы ҩынтә ақырҭцәа дышрыцәцаз атәы

29 шықәса раԥхьа нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсны иақәлеит, иалагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра. Агәымшәараз амедал занашьоу, Тҟәарчалтәи агәыԥ "Стрелец" аиҿкааҩцәа иреиуоу Оҭар Гогәуа арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит аибашьра раԥхьатәи амш.
Sputnik
Аибашьра аветеран Оҭар Гогәуа еиҭеиҳәеит атанкқәа амҩаду ианыланы ишаауаз шибазгьы, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсны игәаӷьны иақәлеит ҳәа шизеилымкааз, еиҭеиҳәеит раԥхьатәи амш азы ҩынтә аӷацәа рыцәцара шилшаз, дахьырымшьыз џьоушьаратәы ишыҟоу.