Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Корсаиа ашәарыцараан ахымҩаԥгашьа иаша иазкны

Ашәарыцаҩ Алхас Корсаиа арадио Sputnik аефир аҟны дырзааҭгылеит ашәарыцараан дзықәныҟәо аԥҟарақәа, алақәа шыиааӡо, ашәарах акәац махәҭала ишыршо атәы.
Sputnik
Аԥсны ашәарыцара аамҭа официалла иаатит нанҳәа 15 рзы.
Традициа ҳасабла ачашәарыцарала иалагоит асезон. Аӡәы ҽнактәи ишәырацыратә мшы 20 ача еиҳаны ашьра азин имаӡам. Жьҭаара 5 инаркны ԥхынҷкәын 25 аҟынӡа шәарыцарамшык ала хә-ԥсаатәк рыда рышьра ҟалом. Акәатақәа рышьра ҟалоит цәыббра 14 инаркны хәажәкыра 14 рҟынӡа, абнаҳәа, абӷаџьма, аԥслаҳә рышьра азин ыҟоуп жьҭаара 1 инаркны ажьырныҳәа 15 рҟынӡа.
Аԥсны рышьра ҟалоит: абӷаџьма, ақәасаб, абнаҳәа, амшә, абга, абгалаџ. Азин ыҟам Ашәҟәы ҟаԥшь иану рышьра. Арахь иаҵанакуеит адәԥыҭҳәа, абнацгәы, аҵларкәыкәқәа рыхкқәа зегьы, иара убас ажьы зфои ишәаҳәои аҵарақәа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: