Арадио

Аҩӡԥҳа Ешыра амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭазы: иахьагьы зыҩны ззымхыбыц дыҟоуп

Ешыра ақыҭа ахада Ҭамара Аҩӡԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит амшцәгьақәа раан шаҟаҩны ааха роузи, насгьы урҭ рыхҟьа-ԥҟьақәа аԥыхра аус шцои ртәы.
Sputnik
" Аԥшасраан 15 ҩны рхыбқәа ахнашәеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟаӡам ҳусбарҭа ахыбра. Иара убас, аерман школ ахыб ахнахит. Хәеихагылак змаз аҩнгьы ааха аиуит, аха уи иаразнак иҟарҵеит. Ахатәы ҩнқәа змоу урҭ ус рарҳәеит: "шәара ишәылшозар, аԥара ԥшааны ахыбқәа ҟашәҵа", - ҳәа. Анаҩс акомиссиа аусура анхнаркәшалак ашьҭахь аԥара шроуа атәы иақәдыргәыӷыт. Шьоукы ус иагьыҟарҵеит, аха зегьы ирылымшеит. Апалаткақәа ақәыршәны ирымоуп рыҩнқәа. Амшцәгьа иҟанаҵаз ааха азы анхацәа макьана аԥара рмоуцт. Ауааԥсыра зегьы еиԥшны инхом, зхы изамыхәогьы дыҟоуп, ҳгәы  ирыцҳнашьоит, аха ԥсыхәа ҳзамҭеит ацхыраара рыҭараз", - лҳәеит Аҩӡԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.