COVID-19 ашьҭахь ауаҩы игәабзиара аиҭашьақәыргылара шалшо азгәаҭоуп

Акоронавирус ахҟьаԥҟьа ауаҩытәыҩса ицәеижь зегьы амҽханакуеит. Ачымазара ашьҭахь хымԥада аҽышьақәыргылара аҭахуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциа ашьҭахь хымԥада ирзыхынҳәтәуп уаанӡеиԥш ацәеижь аусура, афара-чара, авитамин D адкылара аҭахуп, абаҩырҵәыра ҟаҵалатәуп, арыԥҳақәа рҭыԥ ахь рнеиразы инеиҵыху жәлар рашәақәа рҳәара хәарҭа дууп.
Аҳақьым еиҭеиҳәеит COVID-19 ашьҭахь аиммунитет ахьынӡаҟоу
Абри атәы РИА Новости иазеиҭалҳәеит Роспотребнадзор аепидемиологиа аҭҵаарадырратә институт аклиникатә ҭҵаарақәа Рцентр аҟәша аиҳабы Хадижат Омарова.
Лара илҳәеит ачымазара ашьҭахь уи зхызгаз ахӡы, ажьышәтә масса.
"Ари хымԥада ихарҭәаатәуп. Уи азын ахӡы злоу афатә ыфалатәуп: арыцаалыҵ, ауҭраҭых, ашәыр. Иара убасгьы авитамин D", - лҳәеит Омарова.
Аҳақьым лажәақәа рыла акраҵанакуаны иҟоуп ацәеи ааԥшреи русура аиҭашьақәыргылара.
Омарова илҳәеит COVID-19 зхызгаз ауаа агиподинамиа шрызцәырҵуа.
Усеиԥш ҟамларц азы есыҽны ахьанҭара шьҭыхуа абаҩрҵәыра мҩаԥгалатәуп лҳәеит Омарова.
Лара лажәаәқа рыла арыԥҳақәа реиҭашьақәыргыларазы хра рыманы иҟоуп жәлар рашәақәқа рҳәара.