Аҟәа аӡы илагылоуп: аҳҭнықалақь аҟны илеиз ақәаршҩы ахҟьаԥҟьақәа

Аҵыхәтәантәи аамҭазы ақәыршҩы иахҟьаны Аԥсны аҳҭнықалақьи араионқәеи рҟны аӡхыҵрақәа ҟалеит, ауаа рыҩнқәа аӡы рыҩналеит, аԥхасҭа роуеит афымцатә цәаҳәақәеи ашьаҟақәеи.
Sputnik
Нанҳәа 15-16 руыха Аҟәа илеиз ақәаршҩы иахҟьаны метраки бжаки рҟынӡа Басла шьҭыҵит. Аӡы рнылт: Ҷанба, Шьеглова, Шотландиатәи, Ашәхәаҵаа, Аконфедератцәа, Ак. Марр, Бегәа амҩақәа, Аминистрцәа реилазаареи Аԥсны ААРи рыкәша-мыкәшеи.
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа аӡы зҵалаз аҩнқәа рҟынтәи ауаа ахыргеит.
Аҵыхәтәантәи аамҭа аҩнуҵҟала хынтәуп абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалоижьҭеи.
Ԥхынгәы 27 азы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны аӡиасқәа хыҵит, ааигәа-сигәа инхоз рыҩнқәа ирыҵалеит, Аҟәеи Гәылрыԥшь араиони руааԥсыра ӡыда иҟан аӡыҭгагатә станциа ааха ахьаиуз азы.
Ԥхынгәы 4 азы иҟаз аԥшатлакәи ақәаршҩи ареспублика араионқәа ааха ӷәӷәа рнаҭеит.
1 / 12
Нанҳәа 15-16 руыха ақәаршҩы леит Аҟәа
2 / 12
Ахатә ҩнқәа аӡы рыҵалеит
3 / 12
Амҩадуқәа аӡи аҳәынҵәеи рнуп
4 / 12
Ақәаршҩы иахҟьаны аӡқәа метраки бжаки ишьҭыҵит
5 / 12
Ахатә ҩнқәеи, аҩнеихагылақәеи рааигәа-сигәа арыцқьарақәа ирҿуп
6 / 12
Адәқьанқәа аӡы рыҩналеит.
7 / 12
Турбаза иҟоу аптекақәа руак иаиуз аԥхасҭа амҽхак макьана еилкаам
8 / 12
Аҟәа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иара убасгьы иадыԥхьалан Гәдоуҭа, Очамчыра, Агәӡера рҟынтәи аиқәырхаҩцәа
9 / 12
Иааидкыланы аиқәырхаратә усбарҭа аусзуҩцәа 40-ҩыки атехника ҷыда 7 аки аус руан
10 / 12
Аԥша иканажьит аӡыргаратә ҭыӡқәа
11 / 12
Аӡы рнылт: Ҷанба, Шьеглова, Шотландиаа, Ашәхәаҵаа, Аконфедератцәа, Ак. Марр, Беигәа амҩақәа, Аминистрцәа реилазаареи Аԥсны ААРи рраиони
12 / 12
Аҵыхәтәантәи аамҭа аҩнуҵҟала хынтәуп абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалоижьҭеи.