Арадио

"Раионк аԥсҭазаараҟынтә": Џьопуа амшцәгьа Гәылрыԥшь анхацәа ирнаҭаз ауадаҩрақәа ртәы

Гәылрыԥшь араион ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Џьoпуа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит амшцәгьа араион анхацәа ирнаҭаз ауадаҩрақәа ртәы.
Sputnik
Амшцәгьаан Гәылрыԥшь араион ақыҭақәа Уарчеи Драндеи анхацәа рыҩнқәа аӡы рыҵалеит, Допуқыҭ ацҳа аӡы иагеит. Ацҳа ахьҭабгаз иахҟьаны араион ақыҭақәа хәба амҩаду иаҟәыгахеит.
Шәазыӡырҩы аудио.