Арадио

Занҭариа ауаажәларратә усзуҩ Рауф Ебжьноу изы: иара еиԥш иҟоу иахьа иҳагуп

Акритик, аиҭагаҩ, амилаҭ хақәиҭратә кәԥара агәҭа иалагылаз, ауаажәларратә усзуҩ Руфбеи Ебжьноу иԥсы ҭазҭгьы иахьа 75 шықәса ихыҵуан. Уи иааигәаны дыздыруаз апоет, апублицист, ауаажәларратә усзуҩ Владимир Занҭариа дигәалаиршәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Sputnik
Рауф Ебжьноу 1973 шықәсазы далгеит Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт. Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр алитературатә хәҭа деиҳабын, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алитературатә абжьгаҩс дыҟан, аамҭакала алекциақәа дрыԥхьон Аҟәатәи апедагогикатә институт аҟны.
Рауф Ебжьноу аԥсуа жәлар рмилаҭ хақәиҭратә қәԥара далагылан, Жәлар рфорум "Аидгылара" аԥшьгаҩцәа дреиуоуп, 1991 шықәсазы иара аиҿкаара ахантәаҩы иусқәа наигӡон.
Рауф Ебжьноу истатиақәа маҷымкәа иҭыҵхьан аԥсуа поезиа, ашәҟәыҩҩцәа рырҿиара иазкны, иҭыҵхьеит иара илитература - критикатә статиақәа еидызкыло ашәҟәы.
Апоет, апублицист, ауаажәларратә усзуҩ Владимир Занҭариа арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит акритик, аиҭагаҩ, амилаҭ хақәиҭратә кәԥара агәҭа иалагылаз, ауаажәларратә усзуҩ Руфбеи Ебжьноу.
Шәазыӡырҩы аудио.