Арадио

Ԥорцхолоӷлы Аҽгәаратәи ақыҭанхамҩатә џьармыкьазы: ҿырԥштә бзиахар ауеит

Очамчыра араион Аҽгәара ақыҭан иахьа иаадыртит анхаҩы иааирыхыз ихаҭа иахьиҭиша аџьырмыкьа маҷ. Уи шалыршахаз, анхацәа шақәҿырҭыз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Руслан Ԥорцхолоӷлы.
Sputnik
"Ақыҭа аҟынтәи араионтә еизарахь иалҳхыз адепутат Гриша Лацәышба ажәлар ирҭахәу ҳәа данразҵаа ажәалагала ҟарҵеит раалыҵ ахьырҭиша аҭыԥ. Игәашәҭахьазар, амҩаҟны ана-ара амашьынақәа хәыҵагыланы акарпыжә, ашьынка, ашәыр, уҳәа иаадрыхәа ауҭраҭых рҭиуан. Иара иаԥшьигеит, иаҭахыз амаҭәахәқәа ааихәан, ҳаргьы ақыҭаҟны ҳааивагылан иргылахеит, иахьа аҭыԥ аартра мҩаԥаагеит. Ақыҭаҟны ныҳәаҵас иаԥылеит амузыкантцәагьы ааргеит, араион ахадагьы игәаԥхеит. Анхацәа амҩаҟны игыланы ирҭилар ацкыс, уажәшьҭа ахыҵакырҭа рымоуп, рура имццакӡакәа иахьырҭиуа. Иара амҩа иаԥнуп, аԥсшьаҩцәа зықәтәоу, имҩасуа амашьынақәа аангылоит. Ҳқыҭа анаҩсгьы егьырҭ иаҳзааигәақәоу ҳадҵаалеит еигәырӷьаны, иргәаԥхеит. Сгәаанагарала аԥхьаҟа амҩа иаԥну егьырҭ ақыҭақәагьы ари аус ҿырԥшыс ишьҭырхып ҳәа. Ара ауаҩы дааины аҭыԥ азы аԥара мшәакәа иаарыхра иҭиуеит", - иҳәеит Ԥорцхолоӷлы.
Инеиҵыху аицәажәара аудиофаил аҟны.