Акоронавирус злоу рыхәшәтәразы: Аԥсныҟа иааз Урыстәылатәи арратә госпиталь

Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь 800 километра иахысны Аԥсныҟа иааит Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи акоронавирустә инфекциа злоу ачымазцәа рыхәшәтәраҟны ацхырааразы.
Sputnik
Аҟәа агоспиталь дыргылеит нанҳәа 18 рзы, асааҭ 18:00 раахыс актәи ачымазцәа аднакылартә иҟан. Иара Аԥсны иҟазаауеит аепидҭагылазаашьа шьақәтәаанӡа.
Агоспиталь ҳаамҭа иақәшәо амаругақәеи ахархәагақәеи рыла еибыҭоуп. Иҟоуп иахәҭоу ахәшәқәа. Адәаҿы еиҿкаахоит адкыларҭатә ҭыԥ, алабораториа, УЗИ акабинеҭ, арентген-кабинеҭ.
Аҩыза ижәҩахыр: Урыстәыла арратә госпиталь Аҟәа аус шауло
Амобилтә госпиталь иԥсабаратәымкәа арыԥҳақәа аҳауарҭарсгақәа 11, апациентцәа интенсивла рхылаԥшра алзыршо амониторқәа, ашьа анализаторқәа амоуп.
Зынӡа иара 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар, даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит. 100 ҭыԥк рҟынтәи 46 ҭыԥ аҵәыҵәри ала еиқәыршәоуп.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аилазаараҟны иҟоуп шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәеи 30 ак арратә техникеи. Агоспиталь аусзуҩцәа апансионат иацәыхарамкәа Аҳәынҭқарратә дачаҿ иԥхьалоит.
Макьана еилкаам апациентцәа агоспиталь ахь ишынарышьҭло. 
Агоспиталь ареспубликахь ҩынтәуп иаауеижьҭеи. Уаанӡа, 2020 шықәса жьҭаара 20 инаркны 2021 шықәса хәажәкырамзанӡа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә мобилтә госпиталь Аԥсны ахәшәтәреи аконсультациақәеи ирыхнажьит 3,7 нызқьҩык ауааԥсыра. Агоспиталь алабораториақәа рҿы 18 нызқь ҭҵаара мҩаԥган.
1 / 14
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь нанҳәа 17 рзы аҩынтә раан Аԥсныҟа иааит
2 / 14
Ҵыԥх еиԥш, сынтәагьы иара асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы ишьақәдыргылеит.
3 / 14
Агоспиталь аилазаараҟны иҟоуп шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәеи 30 ак арратә техникеи.
4 / 14
Нанҳәа 18 ашамҭаз аруаа агоспиталь ашьақәыргылара иалагеит.
5 / 14
Иҭарчу амшьамбақәа рҿы адкыларҭа, УЗИ акабинеҭ, арентген ыҟоуп.
6 / 14
Уи адагьы, агоспиталь иԥсабаратәымкәа арыԥҳақәа аҳауарҭарсгақәа азықәгылоуп.
7 / 14
"Аиҭар" аҿы урыстәылатәи аруаа ирԥылеит аҳ икәтқәа - ататашьқәа.
8 / 14
Раԥхьатәи апациентцәа ара ирыдыркылоит нанҳәа 18 ахәылбыҽха инаркны.
9 / 14
Ари афото аҿы иубоит адкыларҭа ауада шеиҿкаау.
10 / 14
Арратә госпиталь аусзуҩцәа азона ҟаԥшьқәа рҿы аус рухьеит, ауаа рыԥсҭазаарақәа акыр еиқәдырхахьеит.
11 / 14
Агоспиталь аиҳабы Абдулмежид Магомедов иажәақәа рыла, аруаа иахәҭоу ахәшәқәа рыла еиқәыршәоуп.
12 / 14
Апалатақәа рыхәҭак аҵәыҵәри неиртә еиқәыршәоуп.
13 / 14
Астационартә хәшәтәра зҭаху ачымазцәа ахԥатәи акорпус аҿы ишьҭарҵалоит.
14 / 14
Агоспиталь Аԥсны иҟазаауеит атәылаҿы аепидҭагылазаашьа еиӷьхаанӡа.