Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бганба Гагра аиқәырхаҩцәа русура иазкны

АҶА Гагратәи аҟәша аиҳабы Давид Бганба арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит сынтәатәи аԥсшьараамҭа иалагӡаны амашәыр иақәшәаз аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьынӡаҟоу, насгьы аиқәырхаҩцәа рымчқәа ахьынӡеизибархо.
Sputnik
"Асезон ианалага нахыс иҭахаз маҷым, аха еиқәҳархахьоугьы ыҟоуп. Урҭ рхыԥхьаӡара 7-ҩык рҟынӡа инаӡоит, уа иалоуп ҩыџьа ахәыҷқәагьы. Ҵыԥх апандемиа иахҟьаны асезон иагхан иалагеит азы имаҷын арыцҳара иақәшәаз ауаа, аха егьырҭ ашықәсқәа урыхәаԥшуазар, ас еиԥш ахҭысқәагьы ыҟан. Аԥсшьаҩцәа ашәарҭадара иадҳәалоу аинформациа роуртә еиԥш еиуеиԥшым ахархәагақәа ҳхы иаҳархәоит", - ҳәа азгәеиҭеит Бганба.
АҶА Гагратәи аҟәша аиҳабы иҳәеит араион азы аиқәырхаҩцәа рхыԥхьаӡара шмаҷу. Сынтәа ирацәаҩны аԥсшьаҩцәа ааит, еиҭа аусзуҩцәа ыҟазҭгьы аус еиҳагьы иарманшәалон ҳәа азгәеиҭеит иара.
Бганба иазгәеиҭеит иааидкыланы аусбарҭаҿы 118-ҩык аус шыруа, аха араион дууп, Пицунда, Цандрыԥшь, Бзыԥ, иара Гагра ақалақьгьы аҵанакуеит ҳәа иҳәеит иара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.