Шәача амшцәгьа ҟалоит ҳәа ауаа ргәырҽанырҵеит

Нанҳәа 20 - 21 ашьыжьи ахәылбыҽхеи Магри – Весиолое иахьаҵанакуа амшын аҿы аԥшатлакә хылар ҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Шәача ақалақь аҿы ирылаҳәоуп нанҳәа 20-21 разы амшцәгьа ҟалар ҟалоит ҳәа, аԥшатлакә, ақәыршҩы, адыдмацәыс иазыԥшуп, абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
"Нанҳәа 20 ауха, нанҳәа 21 ашьыжь Шәача ақалақь иахьаҵанакуа ҭыԥқәак рҟны аԥша ӷәӷәа, ақәыршҩы адыдмацәыс ацны, акырцх леир алшоит, аԥшаласра 15-20 метра секундк ала. Аӡқәа шьҭыҵыр алшоит", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Аӡхыҵрақәа ҟалар ҟалоит, џьара-џьара рыҩаӡара зынӡа ишәарҭахоит.
Шәача ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи амшцәгьақәа инарыдҳәаланы ргәырҽанырҵоит. Ирабжьыргоит ашьхаҟа ныҟәара имцарц, аӡиасқәа рааигәара аԥсшьарҭаҭыԥ алрымхырц, амашьынақәа аҵлақәеи аихатә ргыларақәеи ирыҵадмыргылаларц.