Арадио

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Кәыбрааԥҳа афотоҭыхра иазкны

Апатреҭ Адунеизегьтәи амш азы Sputnik Аԥсны абильд-редактор, афотоҭыхҩы Марианна Кәыбрааԥҳа арадиоефир лхы алалырхәит.
Sputnik
Апатреҭ Адунеизегьтәи амш азгәарҭоит нанҳәамза 19 рзы. Ари амш аҟазацәа рыдагьы, аестетика згәы еизнарҳауа зегьы иазгәарҭоит. Ирацәаҩуп ҳтәылаҿгьы афото азҟазацәа, уи занааҭс измам, аха акырӡа ибзианы иҭызхуа ауаа.
"Бзиа избоит аҭыхра. Сара сзы апатреҭ закәу уҳәозар, уи аамҭа аанукылоит ауп, ииасуа еимгеимцарак. Сҭаацәа, сҩызцәа рҭыхра бзиа избоит. Раԥхьа аҭыхра саналага, ирзеилкаауамызт, бызҿи, уи акәӡам бзылгаз ҳәа сарҳәон… Раԥхьа ауаа рҭыхра сыԥхашьон. Аԥсаатәқәа, ашәҭқәа ҭысхуан. Ауаа иргәаԥхо-иргәамԥхо уздыруам, разнеишьа шыҟало, аха нас хәыҷы-хәыҷла салагеит ахәыҷқәа рҭыхра", - лҳәеит Кәыбрааԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио.