Арадио

Агәмаа Анхәа амҩазы: араион иалымшар ҟалап, аҳәынҭқарра ацхыраара аҭаххоит

Анхәа ақыҭаҟынтәи Гәдоуҭа араионтә еизара адепутат Алмасхан Агәмаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭаҿы амҩа аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik
"Анхәа ақыҭаҟны амҩақәа рҭагылазаашьа бааԥсхеит, уи иахҟьаны ақыҭа анхацәа аизара ҟарҵеит, иаарыԥхьеит араион ахадара. Урҭ ааны лабҿаба ирбеит ақыҭаҟны проблема хадас иҟоу, уи уажәы амҩоуп. Араион ахада иҳәеит аҩнуҵҟа иҟоу алшарақәа ихы иархәаны, излалшо ала ацхыраарагьы шыҟаиҵо. Анхәа амҩақәа рҭагылазаашьа енагь ибааԥсын, аха ақыҭауаа рхатә џьабаала иацхраауан изларылшоз ала. Уадаҩрас иҟоу аӡыршьҭрақәа алгаӡам, амшқәа аныцәгьоу амҩа аӡәӡәоит. Иаҭахуп атехника ишахәҭоу аусурақәа рымҩаԥгаразы. Араион аҟынгьы атехника аганахьала ауадаҩрақәа ыҟоуп", - иҳәеит Агәмаа.
Иара иазгәеиҭеит Анхәа ақыҭаҟны амҩақәа рҭагылазаашьа бааԥс иахҟьаны амашьынақәа зегьынџьара инеиртә еиԥш алшара шыҟам.