Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрра Аԥсны ақыҭанхамҩа аинститут нанҳәа 17 рзы ианаҭеит 50 цыра инацны атехника: атрактор маҷқәа, ацәеихақәа, агидравликатә цраҳәақәа, акультиваторқәа. Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр иажәақәа рыла, атехникатә хархәагақәеи амашьынақәеи рсиа уаанӡа ишьақәырӷәӷәан. Урыстәылатәи аган аҭыжьыҩцәа рҿы атехника ҿанаҵеит, иҟоуп ҷыдала еибыҭазгьы. Шәача атехника анеибырҭа ашьҭахь Аԥсныҟа иааган.
"2011 шықәса инаркны ақыҭанхамҩа аминистрреи ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҵаны аинвестициатә программа еицынаҳагӡон. Ҳара ҳнапы ианын наукала адгьыл ҭҵааны аиҭаҳатә ааӡара, аиҿкааратә усурақәа аминистрра анапы ианын. Ишыздыруа ала, даара ицәгьамкәа аус ун 2014 шықәса рҟынӡа. 1400 гектар быжь раионк рҟны 50 бригада еиҿкааны аиҭаҳатә иахьанаалоз иҳааӡеит. Иалҳхит иреиӷьу ацитрус, абас еихша-еихшаны еицыҟало: араса, аҵәа, абҳәа, абҳәаса, атама, ажь, акиви. Ҳшәырааӡарҭа 30 десҭын аҵанакуан ҩ-раионк рҟны: Тҟәарчал, Гәылрыԥшь. 2014 шықәсанӡа ҳаннеи, миллионк рҟынӡа аиҭаҳатә ҳааӡеит. Анҭыҵынтә иаауго аиҭаҳатә ҟамлар, нас узазҵаауада? Абригьы ихадоу усуп", - иҳәеит Аиба.
Инеиҵыху аицәажәара аудиофаил аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Урыстәыла Аԥсныҟа ақыҭанхамҩатә техника аанашьҭит
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра агробизнес азы 35 миллион азоурыжьит