Арадио

Қәрааԥҳа Аԥсны атуризм апандемиа аамҭазы: ухыза дырны ушьапы еиҵухроуп

Аԥсуа туристтә компаниа адиректор хада Самилиа Қәрааԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа аҿкчымазара аганахьала аԥкрақәа ралагалара ахәҭаны ишылыԥхьаӡо, убри аан иазгәалҭеит лусурагьы атуризм аамҭа ишадҳәалоу.
Sputnik
"Зегьы шазыԥшыз еиԥш ҳазыԥшын аԥхын, избанзар, еилкаауп, зегьы аԥарарҳара ҳҭахуп, анхаразы уи ада ԥсыхәа змам усуп, аха сара сырҩызоуп убас еиԥш иҟоу иҳалоу аҿкы чымазара аан, атуризм аганахьалагьы аԥкрақәагьы раԥҵара ахәҭаны изыԥхьаӡо. Иахьа изылшо аԥара дырҳауеит ҳәа егьырҭ рхы ҭадырхароуп. Ус ииашоуп ҳәа сыԥхьаӡаӡом. Зегь раӡазароуп. Аԥсуаа ирҳәоит "ухыза дырны ушьапы еиҵых" ҳәа, иҳалшо дырны, иҳалшо ҭаагалароуп, иааиуагьы џьара шәҟәқәак рымазароуп ачымазара шырмыхьуа ала. Ҵыԥхтәи асезон злаҳамамыз ала дара аандаз ҳәа ҳәаны иаабо зегьы алаҳгалоит, усгьы ииашоуп ҳәа исыԥхьаӡаӡом. Џьара раӡарак амазароуп зегьы", - ҳәа азгәалҭеит Қәрааԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.