Арадио

Хазлацәажәаша ҳамоуп: Гәынба аицлабра "Араӡны калам" иазкны

Аԥсуа радио аредактор хада, аицлабра "Араӡны калам" апоезиа ажанр аҟны аԥхьахәтә ҭыԥ аанызкылаз Адгәыр Гәынба арадио Sputnik аҟны иҳәеит аицлабра иалахәхара шыҟалаз, насгьы уи арҿиара иадҳәалоу ауаа рзы ҵакыс иамоуи.
Sputnik
Ареспубликатә онлаин еицлабра "Араӡны калам" мҩаԥысуан Аԥсны акультура аминистрреи Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи, Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рыҟәшеи раԥшьгарала.
Аицлабра хықәкыс иамаз аҿар алитература радԥхьалара, аҩра раларгара, апоезиеи апрозеи агәбылра дыркра.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.