Километрак инеиуа Урыстәылатәи абираҟ еиҵырхит Ҟрым

Урыстәыла есышықәса нанҳәа 22 аҽны иазгәарҭуеит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш, 1994 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа апрезидент иусԥҟа ашьаҭала ишьақәыргылаз.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 22– Sputnik. Урыстәылатәи абираҟ зоура зықь-метра инаӡоз еиҵырхт Ҟрым жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр "Артек" аԥшаҳәаҿы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ахәыҷтәы лагер апресс-маҵзура шьаҭас иҟаҵаны.
Есышықәса нанҳәа 22 рзы иазгәарҭуа Урыстәыла аҳәынҭқарратә бираҟ амш иадҳәалаз акциа мҩаԥган аныҳәа аламҭалаз, уи рҽаладырхәит 600-ҩык.
"Акзаара - мчуп, амчи акзаареи - иааироуп" абри алозунг ала, артекаа рԥызацәеи дареи ахәыҷтәы центр аԥшаҳәаҟны еиҵырхит зықь-метра зоура наӡоз урыстәылатәи абираҟ.
Х-ԥшшәыкны еилоу урыстәылатәи абираҟ, нанҳәа 22 1991 шықәсазы Москва раԥхьаӡа акәны Аҩны шкәакәа иахаргылан. Аныҳәа шьақәыргылан Урыстәыла апрезидент иусԥҟала 1994 шықәсазы.