Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Зеҭба аӡхыҵраан Баслаҭа ақыҭа иаҭаз аԥхасҭа иазкны

Аҟәа араион Баслаҭа ақыҭа ахада Рудик Зеҭба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит нанҳәамза 15 ауха иҟалаз аӡхыҵра анхацәа ирнаҭаз аԥхасҭа атәы.
Sputnik
"Ақыҭаҿы ф-ҭӡык анхацәа аӡы рыҵалеит, аԥхасҭа ӷәӷәа рнаҭеит. Уи аԥхьа иҟаз амшцәгьаан рхыбқәа аԥша ихнаххьан. Уи атәы зҳәо ашәҟәқәа ҟаҵаны, асахьақәа ҭыхны араион аҟынтә иҟаз акомиссиа ираҳҭахьан, уажәы ҿыц аӡхыҵра иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы зҳәо ашәҟәқәа зегьы еиқәыршәаны араион ахадарахь иалаҳҵахьеит, уажәшьҭа аԥхьаҟа аҳәынҭқарра ирырҭо ацхыраа атәы макьана еилкаам. Ажәлар уи иақәгәыӷуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Зеҭба.
Баслаҭа ақыҭа ахада иара убасгьы еиҭеиҳәеит ақыҭамҩақәа ироуз аԥхасҭа атәы.
"Амҩақәа ахьыҵныӡәӡәааз аҭыԥқәа маҷым. Уажәы Кьалашәыр иахьаҵанакуа аусурақәа цоит, урҭ шаахыркәшахалак, ақыҭахь ииасуеит. Иара уи адагьы ақыҭаҿы иҟоу ҩ-цҳак еиҭашьақәыргылатәхоит, ҭыԥқәак рҿы амаакырақәа ҿыц иҟаҵатәхоит", - ҳәа иҳәеит Зеҭба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.