АҞӘА, нанҳәа 23- Sputnik. Абиткоин ахәԥса 50 000 доллар еиҳахеит лаҵарамза 15 аахыс раԥхьаӡа акәны.
Акриптовалиутақәа рыҭирҭа абиржа Binance аҟны биткоин асааҭ 05:42 азы 2,5% ихалеит - 50 000 доллар иҟалеит. Аамҭақәак рышьҭахь илаҟәит 49,9–49,8 нызқь рҟынӡа.
Апортал CoinMarketCap ала20 биржа разгәаҭарала биткоин 2,33% ахә иацлеит - 49 915 доллар рҟны итәеит.
Биткоин лаҵарамзазы 37,3 000 доллар илеит 57,7 000 рҟынтәи.
Ԥхынгәымза аҽеиҩшамҭазы биткоин ахә ахалара иалагеит.
Биткоин аҭоурыхтә рекорд –64,85 000 доллар мшаԥымзазы ишьақәгылан иҟан.