Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Ҭарба ақыҭанхамҩа дшадҳәалахаз

Гәылрыԥшь араион Гәылрыԥшь аҳабла инхо, Ақыҭанхамҩатә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фиодр Ҭарба арадио Sputnik аефир аҟны дырзааҭгылеит анхаҩы иахьазы имоу аԥынгылақәеи, ихы дшахәашеи, ақыҭаҟны ахандеира иаанаго, ақыҭанхамҩатә программа аҵакы атәы.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.