АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ааԥхьара ҟаиҵеит атәанчаҩцәа зегьы зныктәи ашәара рзыҟарҵарц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Путин иазгәеиҭеит уажәы Урыстәыла аԥара ахә акаҳара 6,5% шыҟоу, иазыԥхьагәаҭаз 4% ацынхәрас.
"Аԥара ахә акаҳара атәанчахәы иаԥнагоит. Бжьаратәла 6,5% шықәсык аҩнуҵҟа итәоит. Зықәра неихьоу ауаа рзы уи иҵегьы еиҳазар ҟалоит, избанзар рҭахрақәагьы аҽакала иҟоуп", - иҳәеит иара апартиа "Единая Россия" алахәылацәа дырԥыло.
Путин аҳәара ҟаиҵеит, апартиа Адумаҿы афракциа анеиҿнакаалак атәанчаҩцәа зегьы жәаба-жәаба нызқьмааҭ рзыршәарц.
Иара иҳәеит ари ашәара атәанчаҩцәа ркатегориақәа зегьы аҵанакыр шакәу.