Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра алаҵаҟаҵаразы абжьгара ҿыцқәа ҟанаҵеит

Урыстәыла иахьазы ашәҟәы иҭаргалахьеит коронавирустә инфекциаҟынтә алаҵақәа ԥшьба: "Спутник V", "ЭпиВакКорона", "КовиВак", "Спутник Лайт".
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра алаҵаҟаҵаратә компаниа амҩаԥгаразы абжьгара ҿыцқәа ҟанаҵеит.
"Спутник Лайт" официалла 60 шықәса ирҭысхьо рзыҟаҵара алшоит, иара убас аиҭалаҵаҟаҵараз, COVID-19 зхызгахьои.
Аԥсны нанҳәа 10 аахыс алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит "Спутник Лайт ала".
Скорик еиҭалҳәеит алаҵа "Спутник Лайт" хәарҭарас иалоуи ҷыдарақәас иамоуи ртәы
Абжьагарақәа рҿы аҭыԥ азалхуп ВИЧ змоу ауаа рзы аҟәша ҷыда.
"ВИЧ змоу ирабыжьгоуп алаҵа "Гам-КОВИД-Вак" ("Спутник V". —аред.) COVID-19 азы аҟаҵара антиретровирустә хәшәқәа рыдкылара ианалага ашьҭахь ԥшьымчыбжь рышьҭахь", - аҳәоит атекст аҿы.
Хазы иазгәаҭоуп алаҵа иарбанызаалак аиммуннтә статус амазааран аҟаҵара шауа, аԥкыра цҵақәа ыҟамзар.
Аҟазауаа амедусзуҩцәа рахь аҳәара ҟарҵоит ауааԥсыра ирарҳәарц алаҵа ачымазараҿкы шцәырнамго, алаҵа аиммуннтә ҭак ҟанаҵоит ауп ҳәа.