"Иаахтны иуҳәозар ацәгьарақәа рацәахеит, ана аӡәы дыԥсит, уа даҽаӡәы, ауаа ргәы каҳаит. Ари алаҵа ҟашәҵа ҳәа ирҳәо џьоукы ахыччоит, џьоукы иҟаҵатәуп рҳәоит. Ҳахьеиланхо 17 ҭӡы рахьынтәи ҩыџьа иҟарҵахьеит. Ачымазара иацәшәоит, асабрадақәа ныҟәаргоит, аха агәра зымгогьы ыҟоуп. Аиҭанаиааирақәа бааԥсыла имаҷхеит, ҳаууаӡа абахҭа ҳҭакызшәа ҳаҟоуп, аԥсҭазаара ишакәым акалашәа иҟалеит",- иҳәеит Ҳашба.
Шәазыӡырҩы аудио.