Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аргәын ацхыраара зҭаху аҭаацәа рхәыҷқәа ашкол ахь реизгара иазкны

Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа рыхшара ашкол ахь реиқәыршәаразы ацхыраарас ирырҭо атәы.
Sputnik
Кадыр Аргәын иҳәеит, арҵагатә маҭәарқәа рыла ашкол ахь реиқәыршәаразы 800-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара шазгәарҭо, уи азы 300 нызқь мааҭ рҟынӡа аԥара рҭаххоит. Агәыҳалалратә еиҿкаара аиҳабы дгәыӷуеит анаплакҩцәеи, егьыс ауаа рҟынтәи адгылара роуп ҳәа.
Шәазыӡырҩы аудио.