"Дҵас иахьа уажәраанӡа иҳамоу ахарџьнҵатә шәҟәқәа реиқәыршәара ауп. Ԥхынгәы 4 рзы иҟаз аԥшасраан ааха зауз аҩнқәа ҭҵааны Аминистрцәа реилазаарахь ашәҟәқәа раҳҭоит. Абри ауп иаҳуалу, иахьанӡа 150 обиект инареиҳаны иҭҵаауп, егьи амчыбжь азы 54 обиект Гәдоуҭа араион иаҵанакуа, ашәҟәқәа еиқәыршәаны ишьҭоуп, иаанхеит Аҟәа араион ахԥатәи аҩнусбарҭа иаҵанакуа 44 хыбра, урҭ ҳарҿуп иахьазы. Ашәҟәқәа реиқәыршәара мариаӡам", - иҳәеит Тәанба.
Иаҳа инарҭбааны аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.